Германтәыла ахада ишааицҳаз ала, Германтәыла, Қырҭтәылеи Украинеи балкантәи атәылақәеи  рзы авизадатә режим аҧыхра аҳәарала Евроеидгыла иадҵаалазшәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам
Германтәыла ахада ишааицҳаз ала, Германтәыла, Қырҭтәылеи Украинеи балкантәи атәылақәеи  рзы авизадатә режим аҧыхра аҳәарала Евроеидгыла иадҵаалазшәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам

Германтәыла ахада Франк – Вальтер Штаинмаиер ишааицҳаз ала, Германтәыла, Қырҭтәылеи Украинеи балкантәи атәылақәеи  рзы авизадатә режим аҧыхра аҳәарала Евроеидгыла иадҵаалазшәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам

Иахьа аҭыжьымҭа euobserver.com аҿы аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны, Германтәыла аҳәарала, жьҭаара 13 рзы,  Евроеидгыла балтиатәи атәылақәеи, Украинеи, Қырҭтәылеи рзы авизадатә режим аҧыхра  азҵаара иахәаҧшуеит. Аҭыжьымҭа адырра ала, зыӡбахәы ҳәоу афакт   —  еиқәыҧхьаӡоу атәылақәа рҟынтәи Евроеидгыла аҳәынҭқаррақәа рҿы ахыҵакырҭа иашьҭоу ауааҧсыра рхыҧхьаӡара ацлара ауп изыхҟьаз.

«Иахьа абрахь, Кишиниов санааи,  сзыҧхьаз аинформациа уамашәа избеит. Берлинҟа аҭел сасны еилыскааит ари аинформациа шиашам», — иҳәеит Германтәыла ахада. Иара иҳәамҭа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ишану ала,  Франк-Вальтер Штаинмаиер ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Молдова ахада Маиа Сандуи иареи еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы.