Гьаргь Маргвелашвили Михаил Саакашвили диҧылар илшоит
Гьаргь Маргвелашвили Михаил Саакашвили диҧылар илшоит

Қырҭтәыла апенитенциартә маҵзура ҷыла Қырҭтәыла аҧшьбатәи ахада Гьаргь Маргвелашвили иҳәара нагӡаны,  уажәазы Гори ахәыштәырҭа иҭоу Қырҭтәыла ахҧатәи ахада Михаил Саакашвили ибара  азин ирҭеит.

Ҧхынҷкәын 20 рзы Гьаргь Маргвелашвили  Апенитенциартә маҵзура ҷыда дадҵаалт Михаил Саакашвили ибара аҳәарала. Апенитенциартә усбарҭаҿы ишаарыцҳаз ала, уажәазы Михаил Саакашвили хар имамкәа дыҟоуп, аҭааҩцәа рыдкылара илшоит.

«Апенитенциартә маҵзура иаҭаху зегьы ҟанаҵоит абаандаҩы цыҧхьаӡа закәанла имоу азинқәа рхархәара илшарц азыҳәан», — иануп аусбарҭа аҳәамҭаҿы.