Гьаргь Маргвелашвили „Алеибористтә партиа“ аофис аҿы еизаз аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа иацтәи аиқәшаҳаҭразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит
Гьаргь Маргвелашвили „Алеибористтә партиа“ аофис аҿы еизаз аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа иацтәи аиқәшаҳаҭразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит

 

Аоппозициа ахаҭарнакцәа реиҧылара ахьымҩаҧысуаз „Алеибористтә партиа“ аофис ашҟа днеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Гьаргь Маргвелашвили.

Аиҧылара алахәылацәа Маргвелашвили анапеинҟьара ала иҧылеит.

Гьаргь Маргвелашвили ишиҳәаз ала,  алхратә система иадҳәалоу, атәылазы зҵакы дуу аиқәшаҳаҭра адкылара зыбзоуроу ауаа зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәар иҭахуп.

„ Алхратә система иадҳәалоу, атәылазы зҵакы дуу аиқәшаҳаҭра адкылара зыбзоуроу ауаа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп.  Алхрақәа, абжьқәа рҕьычра акәымкәа,  аполитикцәа реиндаҭлароуп.  Апринциптә ҟазшьа змаз ақәҧара ала, шәара ақырҭуа жәлар жәашықәса гәазыҳәарас ирымаз аус ҟашәҵеит“, – иҳәеит Гьаргь Маргвелашвили   „Алеибористтә партиа“ аофис аҿы.