Гьаргь Каландришвили фымз рыҩнуҵҟа Алхратә комиссиа хада дахагылазаауеит
Гьаргь Каландришвили фымз рыҩнуҵҟа Алхратә комиссиа хада дахагылазаауеит

Гьаргь Каландришвили анеҩстәи  фымз рыҩнуҵҟа Алхратә комиссиа хада ахантәаҩыс дыҟазаауеит.

Иахьа апарламент аҿы имҩаҧгаз изаамҭаным аилатәараҿы Алхратә комиссиа хада ахантәаҩи алахәылацәеи ралхразы абжьыҭира мҩаҧган. Гьаргь Каландришвили икандидатура иадгылеит  83ҩык адепутатцәа, 3ҩык адепутатцәа икандидатура иақәшаҳаҭымызт.

Иара убас, адепутатцәа рыӡбара ала, Алхратә комиссиа хада алахәылацәас иҟалеит Гиа Цацашвилии Маиа Зариӡеи.

Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы хәышықәса аҿҳәара иҭаны иалхаразы, иара апарламент аилазаара наӡа аҟынтә  2/3, ҽакала иаҳҳәоазар,  100ҩык адепутатцәа рбыжьқәа иоуроуп.  Убри аҟынтә, Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы иҭыҧ азы акандидатцәа рсиазы даҽазнык абжьыҭира мҩаҧгахоит. Апарламент, акандидат иалхразы, ҧшьынтә абжьыҭиара амҩаҧгара азин амоуп. Хәышықәсатәи аҿҳәарала акомиссиа ахантәаҩы иалхразы, акандидат, зныкала 100ҩык адепутатцәа рбыжьқәа иоуроуп.