Гьаргь Ҕибраӡе  - Лаҵара   2 – 4 рзы анышәынҭрақәа рышҟа анеира ҟалом, абри ақәиҭымтәразы азинҷыда иҟам
Гьаргь Ҕибраӡе  - Лаҵара   2 – 4 рзы анышәынҭрақәа рышҟа анеира ҟалом, абри ақәиҭымтәразы азинҷыда иҟам

Гьаргь Ҕибраӡе  – Лаҵара   2 – 4 рзы анышәынҭрақәа рышҟа анеира ҟалом, абри ақәиҭымтәразы азинҷыда иҟам

Лаҵара   2 – 4 рзы, Қырҭтәыла зехьынџьара, агеографиатә ҭыҧ иахьыҧшымкәа,  анышәынҭрақәа рышҟа анеира ҟалом, абри ақәиҭымтәразы азинҷыда иҟам, — иҳәеит Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаау Аоперативтә штаб анапхгаҩы Гьаргь Ҕибраӡе.

«Изныкымкәа ишаҳҳәахьаз еиҧш, Акоординациатә хеилак аӡбарақәа зегьы аднакылоит атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инақәыршәаны, иарбанзаалак  хҭыск ма уснагӡатәк иахылҵыр зылшо ашәарҭара иазҧхьагәаҭаны. Убри аҟынтә, ҵыҧх еиҧшҵәҟьа, сынтәагьы анышәынҭрақәа рышҟа анеира ҟалом.  Ақәиҭымтәра амч амазаауеит лаҵара 2 инаркны 4 иналаҧхьаӡаны, Қырҭтәыла зехьынџьара,  агеографиатә ҭыҧ иахьыҧшымкәа», — иҳәеит Гьарг Ҕибраӡе.