Гьаргь Гахариеи   аекономикатә гәыҧ алахәылацәеи аҳәынҭқарра амал априватизациа арласра аплан иалацәажәеит
Гьаргь Гахариеи   аекономикатә гәыҧ алахәылацәеи аҳәынҭқарра амал априватизациа арласра аплан иалацәажәеит

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариеи аекономикатә гәыҧ алахәылацәеи ҳазну ашықәс азы аҳәынҭқарра амал априватизациа арласра аплан иалацәажәеит.

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара алахәылацәа аҳәынҭқарра амали аҳәынҭқарра иатәу анаплакқәеи ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала,  аҳәынҭқарра амал активла априватизациеи активқәа зегьы рационалла рхархәареи аҵакы ду амоуп  аекономика аҿиареи, аусуратә ҭыҧқәа реиқәыршәареи,  атәылашҟа аинвестициа ҿыцқәа алагалара ацхраареи азыҳәан.

Иара убас, ишазгәаҭаз ала, аиҳабыра аҳәынҭқарратә наплакқәа рреформа иалагоит. Ареформа хықәкыс иамоуп  аҳәынҭқарратә наплакқәа рнапхгараҭара акорпоративтә напхгараҭара иреиҕьу апрактикеи аҿырҧштәқәеи иреиҧшхаратәы аҟаҵара. Аҳәынҭқарратә наплакқәа  рнапхгараҭаратә система аиҭакразы  еиҿкаауп  аусуратә гәыҧ ҷыда, уи дахагылоуп афинансқәа рминистр Иване Маҷавариани. Агәыҧ алахәылацәа аҳәынҭқарратә наплакқәа рнапхгараҭара асистема  акорпоративтә напхгарааҭара иреиҕьу астандартқәа иазааигәахарц азыҳәан   аконкреттә план еиқәдыршәоит.

Априватизациа амҩаҧгара амзызла 2020 шықәсазы иалагаз апроект  – „Абизнес ахь аинвестициатә ажәалагалақәа 100” аҳәаақәа ирҭагӡаны,  116 обиектқәа рҭиит. Аиҧылара алахәылацәа  2021 шықәсазы аҳәынҭқарра амал априватизациа иаҳа активла амҩаҧгаразы иҟаҵатәу ашьаҿақәа ирылацәажәеит.

Аусуратә аиҧылара рхы аладырхәит актәи авице-аҧыза, арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи азы аминистр Маиа Цқьитишвилии, афинансқәа рминистр Иване Маҷавариании, иҭышәынтәалоу аҿиара аминистр Наҭиа Турнавеи.