Гьаргь Гахариа Зураб Пололикашьвили Адунеи атуризм азы еиҿкаара маӡаныҟәгаҩ хадас даҽазнык дахьалырхыз идиныҳәалеит
Гьаргь Гахариа Зураб Пололикашьвили Адунеи атуризм азы еиҿкаара маӡаныҟәгаҩ хадас даҽазнык дахьалырхыз идиныҳәалеит

Қырҭтәыла Аԥыза-министр Гьаргь Гахариа Зураб Пололикашьвили Адунеи атуризм азы еиҿкаара (UNTWO) маӡаныҟәгаҩ хадас даҽазнык дахьалырхыз идиныҳәалеит. Гьаргь Гахариа адныҳәалара Твиттер аҿы алаирҵәеит.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, ари Қырҭтәылазы аҵак ду змоу қәҿиароуп.

«Зураб Пололикашьвили идысныҳәалоит Адунеи атуризм азы еиҿкаара (UNTWO) маӡаныҟәгаҩ хадас даҽазнык дахьалырхыз. Ари Қырҭтәылазы аҵак ду змоу  қәҿиароуп.

Жәларбжьаратә еиҿкаарақәа рҿы ақырҭуаа рыҟазаара аглобалтә зҵаарақәа рҿы Қыртәыла активтә алахәызаара шьақәнарӷәӷәоит,» – иҩит Гьаргь Гахариа.