Гьаргь Гахариа  - Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит аекономикатә ганахьала Қырҭтәыла ақәҿиара шыҟоу, ари аганахьала ҷыдала иалкаан абизнес ацхрааразы аиҳабыра еиқәдыршәаз аплан
Гьаргь Гахариа  - Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит аекономикатә ганахьала Қырҭтәыла ақәҿиара шыҟоу, ари аганахьала ҷыдала иалкаан абизнес ацхрааразы аиҳабыра еиқәдыршәаз аплан

 

Иацы Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд  7-тәи аилатәара мҩаҧган, уи аҿы иалацәажәеит Қырҭтәыла иазку апрограмма анагӡара  7-тәи аетап, ари азҵаара ианалацәажәоз, даҽазнык ишьақәыдырҕәҕәеит аекономикатә ганахьала Қырҭтәыла ақәҿиара шыҟоу, ари аганахьала ҷыдала иалкаан абизнес ацхрааразы аиҳабыра еиқәдыршәаз аплан, —  иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы ари атаәы ааицҳаит Қырҭтәыла Аҧыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Гьаргь Гахариа.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд азҧхьагәаҭаарақәа инрықәырәшаны,  2021 шықәсазы Қырҭтәыла аекономикатә азҳара  4,3  наӡына иараҟарахоит.  Иара убас, иара ишиҳәаз ала,  аструктуратә реформақәа хымҧада инагӡазароуп, ари аганахьала хымҧада инагӡазароуп амакроекономикатә арбагақәа зегьы.

«Абри азҵаара ҳазынтәгьы иҳадкьыслоит, избанзар араҟа ахарџьқәагьы ахашәалагьы иазҧхьагәаҭатәуп.   2021 шықәса гәҽанызаарыла имҩаҧгатәуп. Уи акризис ашьҭахь ирласӡаны аекономика аиҭашьақәыргыларазы алшара ҳнаҭоит. Ари апотенциал атәыла аекономика азгьы ҳтәылауаа рзгьы иҳахьчароуп.  Иара убас, ишәгәаласыршәар сҭахуп  Қырҭтәыла раҧхьатәи атәыла шакәыз апандеми аан Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд аҟны аекономикатә кризис апрограмма шьақәзырҕәҕәаз.  Убри абзоурала, адонортә аиҿкаарақәа рҟынтә ирласӡаны ацхыраара ҳауит», —  иҳәеит Гьаргь Гахариа.