Гьаргь Гахариа – Хара имгакәа, Заза Гахелаӡе ихақәиҭтәразы аконкреттә шьаҿақәа ҟаҳҵоит
Гьаргь Гахариа – Хара имгакәа, Заза Гахелаӡе ихақәиҭтәразы аконкреттә шьаҿақәа ҟаҳҵоит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа даҽазнык иазгәеиҭеит ампыҵахалатә мчқәа Заза Гахелаӡе закәандараала дҭакны дышрымоу.

Иара иажәақәа рыла, иааиуа амшқәа рзы атәыла анапхгара Заза Гахелаӡе ихақәиҭтәразы аконкреттә шьаҿақәа ҟарҵоит.

«Ампыҵахалатә мчқәа изакәаным аӡбара рыдыркылеит. Сара, хаҭала, ҳстратегиатә партниорцәа рҟны абри атемазы активла аиҿцәажәарақәа мҩаҧызгон, хара имгакәа,  ҳазынтәгьы ҳаидгыланы,  ҳтәылауаҩ ҳицхрарц азыҳәан аконкреттә шьаҿақәа ҟаҳҵоит», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Цхинвал ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа Заза Гахелаӡе закәандараала 12 шықәсеи фымзи  абаандаҩтәра иқәырҵеит.