Гьаргь Гахариа Венгриатә ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит
Гьаргь Гахариа Венгриатә ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Қырҭтәыла иҟоу Венгриатә ацҳаражәҳәаҩ  Викториа Ҳорват дылҧылеит.

Аиҧылараҿы ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит. Ҷыдала иазааҭгылеит аекономикатә еизыҟазаашьақәа рызҵаара, ишазгәаҭаз ала, апандемиа аглобалтә економикатә арбагақәа рзы анырра цәгьа шамоугьы, атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа ҭышәынтәалоуп.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала,  2024 шықәсазы Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа аҟаҵара алшарц азыҳәан, атәылаҿы  аполитикатәи аекономикатә реформақәа нагӡахоит, абри апроцесс аҿы жәларбжьаратәи апартниорцәа рыдгылара дақәгәыҕуеит.

Иара убас, иаҵшьны иазәгаҭан апандемиа аҿагылара апроцесс аҿы азеиҧш ҽазышәара аҵакы. Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала,  COVAX аплатформа инаваргыланы, атәыла излауа ала ирласны иҵегьы авакцина адозақәа аиурц азыҳәан, Қырҭтәыла аиҳабыра,  жәларбжьаратәи апартниорцәеи авакцина ҭзыжьуа аиҿкаарақәеи рҟны интенсивла ҩганктәи аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит, ари азҵаараҿгьы жәларбжьаратәи апартниорцәа рыдгылара аҵакы ҷыда анашьоуп.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭр азун аҧкрақәа етапла раҧыхреи жәабран 1 инаркны еиҧҟьарадатәи жәларбжьаратәи аҧыррақәа реиҭалагареи азҵаара. Ишазгәаҭаз ала, авиаеилахәыра  Wizz Air ала аҧыррақәа реиҭалагара – крызҵазкәа хҭысуп. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, аглобалтә пандемиа иалагаанӡа, Wizz Air кыршықәса рыҩнуҵҟа қәҿиарала Қырҭтәыла аус аус ауан, уи атуризм аҿиареи ҩганктәи абизнесаимадарақәа рырҭбаареи  иацхраауан.

Венгриа ацҳаражәҳәаҩ  даҽазнык ишьақәлырҕәҕәеит  Венгриа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, иара убас, атәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциеи ишадгыло.