Гьаргь Гахариа   Шәамахьтәыла ахада диҧылеит
Гьаргь Гахариа   Шәамахьтәыла ахада диҧылеит

 

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа, Давостәи адунеизегьтәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны, Шәамахьтәыла ахада Армен  Сарқисиан диҧылеит.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала,  зыҩаӡара ҳараку аиҧыларақәа рыбзоурала, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи    реизыҟазаашьақәа рдинамика ҷыдала ибзиоуп.
Аганқәа рхаҭарнакцәа  Қырҭтәыла Аҧыза–министр Шәамахьтәыла визитла даныҟаз аганқәа еицрыдыркылаз аӡбарақәа рынагӡашьа иалацәажәеит.  Гьаргь Гахариеи Армен Сарқисиани  ишазгәарҭаз ала, ҳаҧхьҟа аҩ-тәылак хырҳагара рзаазгаша аусеицура анагӡара иазыхиоуп.