Гьаргь Гахариа Ника Мелиеи Каха Калаӡеи адебатқәа рахь даарыԥхьоит
Гьаргь Гахариа Ника Мелиеи Каха Калаӡеи адебатқәа рахь даарыԥхьоит

Апартиа “Қырҭтәылазы” алидер Гьаргь Гахариа Қарҭ ахада иҭыԥ азы акандидатцәа Ника Мелиеи Каха Калаӡеи адебатқәа рахь даарыԥхьоит.

Гахариа иажәақәа рыла, “Ақырҭуа гәахәтәы” “Амилаҭтә ҵысра ” иаҳа-иаҳа еиԥшхоит.

“Иахьа амчра анапаҿы азаанхарц зҭаху аиҿкаара “Ақырҭу гәахәтәы” “Амилаҭтә ҵысра ” иаҳа-иаҳа еиԥшхоит. Урҭ рымацара рааныжьра атәылазы ишәарҭоуп. Никанор Мелиеи Каха Калаӡеи адебатқәа рахь иаасыԥхьоит,” – иҩит Гахариа асоциалтә каҭаҿы.