Гьаргь Гахариа лаҵара  19 рзы имҩаҧысраны иҟоу алхрақәа ирыдҳәалоу ауснагӡатәқәа  ирызкны адҵа ҷыда ҟаиҵеит
Гьаргь Гахариа лаҵара 19 рзы имҩаҧысраны иҟоу алхрақәа ирыдҳәалоу ауснагӡатәқәа ирызкны адҵа ҷыда ҟаиҵеит

Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра абжьаратәи изаамҭанымтәи алхрақәа ишәарҭам аҭагылазаашьаҿы рымҩаҧгаразы аусбарҭа имҩаҧнаго ауснагӡатәқәа ирызкны аҳәамҭа иаланарҵәеит.

Аминистрра аинформациа ала, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гьаргь Гахариа лаҵара 19 рзы имҩаҧысраны иҟоу алхрақәа ирыдҳәалоу ауснагӡатәқәа ирызкны адҵа ҷыда ҟаиҵеит.

„Зыӡбахәы ҳәоу адҵа инақәыршәаны,  аҵакырадгьылтә акқәа рҿы аус зуа аструктурақәа алхраҧхьатәи акампаниа аан, иара убас алхрақәа раангьы,  азиеилагара апревенциеи иаамҭаны ақәҿыҭреи еиқәдыршәоит.

Иара убас. аполициа аусзуҩцәа зегьы амаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡара аан аполитикатә неитралитет апринцип ахьчара ируалуп.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Ацентртә алхратә комиссием амеморандум рыбжьарҵеит. Адокумент рнапы аҵарҩит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гьаргь Гахариеи ацентрәт алхратә комиссиа ахантаҩәы Ҭамар Жваниеи.  Амеморандум ала иҳәаақәҵоуп алхрақәа раан аганқәа русеицура аформақәеи иашьашәалоу азинтә ҳәаақәеи”, – иануп Аҩнуҵҟатәи аусқәа министрра аинформациаҿы.