Гьаргь Гахариа Џьеимс Аппатураи диҧылеит
Гьаргь Гахариа Џьеимс Аппатураи диҧылеит

 

Аполитикатә партиа «Қырҭтәыла адгыларазы» ахантәаҩы  Гьаргь Гахариа  НАТО маӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Џьеимс Аппатураи диҧылеит.

Апартиа апресс-маҵзура адырра ала, аиҧылараҿы, аганқәа рхаҭарнакцәа,  НАТО ашҟа Қырҭтәыла алалареи,  Қырҭтәыла амилаҭтәи арегионалтәи шәарҭадареи ирыдҳәалоу  азҵаарақәа ирылацәажәеит.  Иара убас, Гьаргь Гахраиа ипартиа апланқәагьы дрылацәажәеит.

Аполитикатә партиа «Қырҭтәыла адгыларазы» ахантәаҩы  Гьаргь Гахариеи апартиа аполитхеилак алахәыла  Кахабер Қемоқлиӡеи аусуратә визитла Бриуссель иҟоуп.