Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала, аҧкрақәа нагӡахоит жәабран 1-нӡа
Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала, аҧкрақәа нагӡахоит жәабран 1-нӡа

 

Иахьазы аҭагылазаашьа злаҟоу ала, шықәсык шҵызгьы,  Қырҭтәылагьы адунеи аҿгьы апандемиа иаҿагыло ақәҧара инагӡоит ҳәа иҳҳәар ҳалшоит,   — иҳәеит Қырҭәтыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа аиҳабыра реилатәараҿы.

Гьаргь Гахариа ишазгәеиҭаз ала, иахьа атәылаҿы акоронавирус  1177 афактқәа аарҧшуп, ҩымз раҧхьа ишьақәыргылаз аҧкрақәа алҵшәа рхылҵит.

«Ҳара ҳазынтәгьы ибзианы еилаҳкаароуп есымша  1500ҩык ачымазацәа Қырҭтәылазы даараӡа ирацәоуп.  Иҟаҳҵаз ашьаҿақәа ииашан, уи ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаауеит, аха, уезгьы, аҧкрақәа жәабран 1-нӡа инаҳагӡароуп.  Европа аҭагылазаашьа зеиҧшроу аабоит, зехьынџьара аҭагылазаашьа цәгьахеит, атәылақәа зегьы аҧкрақәа  рырџьбара иаҿуп, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы ҳара аҧкрақәа рыҿҳәара ацаҳҵоит жәабран 1-нӡа.  Аха, аамҭакала, Агәабзиарахьчара амbнистрра иашьашәалоу аусбарҭақәа зегьы аекономикеи абизнеси рхаҭарнакцәа аус рыцыруеит излауа ала ирласны аекономика аартраҿы иҳацхрааша аконкреттә уснагӡатәқәа рҳәаақәҵаразы. Абри апроцесс иаҵанакуеит атестирра асхемагьа, авакцинациагьы, егьырҭ ауснагӡатәқәагьы.  Иааиуа амшқәа рзы Агәабзиарахьчара аминистрра аплан цәырыргоит, анеҩс, аекономикеи абизнеси рхаҭарнакцәа рҟны аусеицура наҳагӡоит», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.