Гьаргь Гахариа иҟны аиҧылараҿы акоронавирус аҽыхьчаратә вакцинациа иалацәажәеит
Гьаргь Гахариа иҟны аиҧылараҿы акоронавирус аҽыхьчаратә вакцинациа иалацәажәеит

 

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Авакцинациа амҩаҧгара аплан иадҳәаланы аилатәара мҩаҧигеит.

Аилатәара ашьҭахь агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа ишылҳәаз ала,  аиҧылараҿы даҽазнык ирылацәажәеит авакцина аагареи авакцинациа амҩаҧгареи иадҳәалоу азҵаарақәа.   Габуниа лажәақәа рыла, Қырҭтәылаҟа иааргоит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ала иазхаҵоу авакцинақәа.

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Паата Имнаӡе ишиҳәаз ала, аплан иарбоуп авакцинақәа рхархәареи рышьҭаҵареи  аҧҟара.