Гьаргь Гахариа – Иахьа, раҧхьаӡа акәны, жәларбжьаратәи аӡбара  2008 шықәсатәи Урыстәыла - Қырҭтәылатәи еибашьра ахәшьара анаҭоит, уи атәыла адеокупациа азықәҧара апроцесс аҿы аетап ҿыцуп
Гьаргь Гахариа – Иахьа, раҧхьаӡа акәны, жәларбжьаратәи аӡбара  2008 шықәсатәи Урыстәыла - Қырҭтәылатәи еибашьра ахәшьара анаҭоит, уи атәыла адеокупациа азықәҧара апроцесс аҿы аетап ҿыцуп

Иахьа Қырҭтәыла аҭоурых ҿыц аҿы зегьы реиҳа зҵакы дуу мшуп. Сааҭқәак рышьҭахь Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи Аӡбара аҵыхәтәантәи ақәҵара рыдыркылоит   «Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы» аус азы, —  аҧыза-министр Гьаргь Гахариа ари атәы ааицҳаит аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Иара иажәақәа рыла, иахьа, раҧхьаӡа акәны, жәларбжьаратәи аӡбара  2008 шықәсатәи Урыстәыла – Қырҭтәылатәи еибашьра ахәшьара анаҭоит, уи атәыла адеокупациа азықәҧара апроцесс аҿы аетап ҿыцуп.

« Аӡбара ақәҵара –    ҳтәылауааи, аиустициа аминистрреи, аспециалистцәеи 12 шықәса рыҩнуҵҟала имҩаҧыргаз аусура иабзоуроуп.  Ҳәарала, ҳара ҳазынтәгьы агәра ганы ҳаҟоуп аӡбара иаша шрыдыркыло.  Ҳтәылауаа акомпенсациа роуеит,  аха, уи адагьы,  зыӡбахәы ҳәоу ақәҵара жәларбжьаратә аҩаӡараҟны ҳтәылауаа рзинқәа рыхьчаразы шьаҭас иҟалоит.  Жәларбжьаратәи аӡбара, раҧхьаӡа акәны,  2008 шықәсатәи еибашьра ахәшьара анаҭоит.  Уи адагьы, зыӡбахәы ҳәоу ақәҵара иацҵаны аҧакҧхықәра ҳаднаҵоит,  ҳара ибзианы еилаҳкаароуп иааиуа ашықәсқәа рзы, аусбарҭбажьаратә усеицура ала,  атәыла адеокупациазы аконкреттә шьаҿақәа рыҟаҵара шаҳуалу, абри ахырхарҭалагьы аконкреттә план ҳамоуп, хара имгакәа ажәлар ари аплангьы рызцәыраагоит.  Иахьа Қырҭтәыла аҭоурых ҿыц аҿы зегьы реиҳа зҵакы дуу мшуп. Сааҭқәак рышьҭахь Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи Аӡбара аҵыхәтәантәи ақәҵара рыдыркылоит   «Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы» аус азы, уи шьаҭас иаҳзыҟалароуп Қырҭтәыла аиҳабыра аусбарҭабжьааратә аҩаӡараҟны ампыҵахалара иаҿагылоу ашьаҿақәа рыҟаҵара иалагарц азыҳәан», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.