Гьаргь Гахариа  Фиона Хилл дылҧылеит
Гьаргь Гахариа  Фиона Хилл дылҧылеит

Апартиа  «Қырҭтәыла адгыларазы» ахантәаҩы Гьаргь Гахариа  Америка ахада ҧасатәи ибжьагаҩ Фиона Хилл дылҧылеит. Ари атәы аанацҳаит апартиа апресс-маҵзура.  Дара рдырра ала, аиҧылараҿы Қырҭтәыла ашәарҭадара аганахьала иҟоу аҳасабтәқәеи, уажәааны арегион аҿы ишьақәгылаз агеополитикатә лабҿабара ҿыци  иалацәажәеит.

Гьаргь Гахариа атәыла ашәарҭадара арҕәҕәара амзызла иара ипартиа иҟанаҵараны иҟоу ашьаҿақәа дрылацәажәеит.

Иара убас, Америка, Гьаргь Гахариа, Маршалл ифонд аҭҵааҩы Джонатан Кацгьы диҧылеит, иара Қырҭтәыла атемазы аус иуеит.