Гьаргь Гахариа Естониа аҧыза-министрc лалхра  лыдиныҳәалеит
Гьаргь Гахариа Естониа аҧыза-министрc лалхра  лыдиныҳәалеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Каиа Каллас аҧыза-министрс лалхра лыдиныҳәалеит. Каиа Каллас  раҧхьатәи ҧҳәысуп  Естониа абри амаҵзураҭыҧ аанызкылаз.

Twitter иофициалтә даҟьаҿы аҧыза-министр ишиҩыз ала,  иара агәра ганы дыҟоуп атәылақәа реиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи русеицуреи ҳаҧхьаҟагьы қәҿиарала ишынагӡахо.

«Каиа Каллас илыдысныҳәалоит аҧыза-министрс лалхра, шәара раҧхьатәи аҧҳәыс шәоуп Естониа абри маҵзураҭыҧ аанызкылаз.  Шәара шәҟны аусеицура алагара сахыццакуеит,  агәра ганы сыҟоуп ҳтәылақәа реиҩызаратә еизыҟазашьақәеи рпартниорреи ҳаҧхьаҟагьы қәҿиарала ишынагӡо», —  иҩит Гьаргь Гахариа.