Гьаргь Гахариа  - Давиҭ Гареџьи атема ишакәым ала зхы иазырхәо ауаа ирыбжьазгар сҭахуп ари атема ианалацәажәо ргәы рҽанызарц
Гьаргь Гахариа - Давиҭ Гареџьи атема ишакәым ала зхы иазырхәо ауаа ирыбжьазгар сҭахуп ари атема ианалацәажәо ргәы рҽанызарц

Агәра ганы сыҟоуп адемаркациа аҳәаақәа ирҭагӡаны,  астратегиатә партниорцәеи аешьаратә ҳәынҭқаррақәеи рҟны ҳкультуратә ҭынхареи ҳныхабаақәа ринтересқәеи зыхьчаша аиқәшаҳаҭра шҳадаҳкыло, – иҳәеит Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гьаргь Гахариа ахеилак актәи аилатәара ашьҭахь. Ажурналистцәа уи иазҵааит иахьатәи аилатәараҿы Давиҭ Гареџьи азҵаара иалацәажәама ҳәа.

„Давиҭ Гареџьи атема мариам. Ҳәарада, уи ҳара ҳҭынхароуп. Аҳәаа адемаркациа апроцесс излауа ала ирласны имҩаҧгазароуп. Давиҭ Гареџьи атема ишакәым ала зхы иазырхәо ауаа ирыбжьазгар сҭахуп ари атема ианалацәажәо ргәы рҽанызарц – ари атема ҳаналацәажәо ҳара ҳазынтәгьы ҳгәы ҳҽанызароуп. Агәра ганы сыҟоуп адемаркациа аҳәаақәа ирҭагӡаны,  астратегиатә партниорцәеи аешьаратә ҳәынҭқаррақәеи рҟны ҳкультуратә ҭынхареи ҳныхабаақәа ринтересқәеи зыхьчаша аиқәшаҳаҭра шҳадаҳкыло, – иҳәеит Гьаргь Гахариа.