Гьаргь Гахариа Бриуссель Михаил Зиберт диԥылеит
Гьаргь Гахариа Бриуссель Михаил Зиберт диԥылеит

Аполитикатә партиа “Қырҭтәылазы” ахантәаҩы Гьаргь Гахариа  Бриуссель Евроеидгылаҿ мрагыларатәи партниорреи, Агәҭанытәи Азиаҿ аусеицуреи, Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи еиҿкаареи Урыстәылеи рызҵаарақәа рзы анагӡаратә директор Михаил Зиберт диԥылеит.

Аиԥылараҿ аганқәа Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьеи, Қырҭтәыла Евроеидгылаҿ аинтегарциеи ари азы иҟоу апрактикатә инструментқәеи рыхцәажәеит.

Михаил Зиберт иҟны аиԥылараҿ Гьаргь Гахариа апартиа “Қырҭтәылазы” аполитикатә планқәеи атәылаҿ имҩаԥысран иҟоу ахаланапхгараҭаратә алхрақәеи ирзааҭгылеит. Аполитикатә партиа “Қырҭтәылазы” азантәаҩы Гьаргь Гахариеи апартиа аполитикатә хеилак алахәыла Кахабер Қемоклиӡеи Бриуссель мраҭашәаратәи апартниорцәа рҟны аусуратә еиԥыларақәа мҩаԥыргоит.

Аиԥыларақәа мҩаԥгахоит Европарламент алахәылацәеи Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадареи рзы аполитикатә маҵзуреи, Европа ахеилак ахадеи, Натои рофисқәа рҿы.