Гьаргь Гахариа, Бриуссель, Марина Калиуранд дылҧылеит
Гьаргь Гахариа, Бриуссель, Марина Калиуранд дылҧылеит

Аполитикатә партиа «Қырҭтәыла адгыларазы» ахантәаҩы Гьаргь Гахариа,  Бриуссель,  Европарламент алахәыла  Марина Калиуранд дылҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит апартиа апрессмаҵзура.

«Гьаргь Гахариа Марина Калиуранд илзеиҭеиҳәеит иполитикатә партиа апланқәа ирызкны.

Аполитикатә партиа ахантәаҩи Европарламент алахәылеи иаҵшьны иазгәарҭеит Евроеидгыла ашҟа Қырҭтәыла алалара аҵакы.

Георгий Гахариеи апартиа аполитхеилак алахәыла Кахабер Қемоқлиӡеи Бриуссель, мраҭашәаратә партниорцәа рҟны аиҧыларақәа мҩаҧыргоит. Дара Европарламент адепутатцәеи, Евроеидгыла адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи азы амаҵзуреи НАТОи рхаҭарнакцәеи ирҧылоит», — иануп аинформациаҿы.