Гьаргь Гахариа  Азиатәи аҿиара абанк ахаҭарнакра адиректор дылҧылеит
Гьаргь Гахариа  Азиатәи аҿиара абанк ахаҭарнакра адиректор дылҧылеит

Гьаргь Гахариа  Азиатәи аҿиара абанк ахаҭарнакра адиректор дылҧылеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Қырҭтәыла иҟоу Азиатәи аҿиара абанк ахаҭарнакра адиректор Иешим Елҳан – Каиалар дылҧылеит.

Афинанстә аиҿкаара ала аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны, аганқәа рхаҭарнакцәа Азиатәи аҿиара абанки Қырҭтәылеи русеицура  2019-2023 шықәсқәа рзтәи астратегиа ҿыц иалацәажәеит.

Азиатәи аҿиара абанк Қырҭтәылаҟны аусеицура иалагеит  2007 шықәсазы, иахьанӡа атәыла аҿиара иазоурышьҭхьеит  2.8 миллион адоллар.

Азиатәи аҿиара абанк  (ADB)  Қырҭтәылаҟны аусеицура астратегиа ҿыц шьақәнарҕәҕәеит нанҳәа 23 рзы. Абанк адыррақәа рыла, 2019-2023 шықәсқәа рзтәи хәышықәсатәи астратегиа  Қырҭтәыла аиҳабыра еиқәдыршәаз аҿиара астратегиа иадгылоит, уи агәылара иҟоу атәылақәеи адунеи еиуеиҧшым атәылақәеи рҟны  аекономикатә интеграциа ала, Қырҭтәыла  алҵшәара аизырҳареи, аҕарра аиҵатәреи иазкуп.