Гьаргь Гахариа аусураҭаҩцәа  дырҧылеит
Гьаргь Гахариа аусураҭаҩцәа  дырҧылеит

Аекономикатә азҳареи, аусуратә ҭыҧқәеи, аинвестициақәа рыдыҧхьалареи ауп иахьазы Қырҭтәыла аиҳабыра ҳасабтәс ирымоу, абри апроцесс аҿы абизнес аҟынтә адгылара иаҵанакәа рацәоуп, —  иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы  аусураҭаҩцәа данырҧылоз.

Аҧыза-министр абҵара инаркны атәылаҿы амч змоу аҧкрақәа рылҵшәақәа дырзааҭгылан, ишазгәеиҭаз ала,  уажәазы амч змоу арегулиациақәа ирхылҵыз аҭышәынтәалара  абзоурала,  атәылаҿы гәҽанызарыла атуризм аиҭашьақәыргылара алагареи аекономика аиҭашьақәыргылара ацхраареи рылшоит.

Уи адагьы, атәылаҿы аструктуратә економикатә реформақәа рымҩаҧгара нарыгӡоит, акапиталтә харџьқәа  иазҳауеит, аҳәынҭқарратә амал априватизациа апроцесс дырласуеит, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы асистематә реформақәа мҩаҧыргоит.

Гьаргь Гахариа даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит аусураҭаҩцәа рзы крызҵазкәа азҵаарақәа рыӡбара апроцесс хаҭала аҽалархәреи, апандемиа иахылҵыз ауадаҩрақәа иазҧхьагәаҭаны апроектқәа зегьы рынагӡареи, азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны азҵаарақәа зегьы рыӡбареи  дшазхиоу.