Гьаргь Гахариа  - Аусурҭа зцәыӡыз ауааҧсыра афинанстә цхыраара рыҭара ҳалагоит жәабран 28 инаркны
Гьаргь Гахариа  - Аусурҭа зцәыӡыз ауааҧсыра афинанстә цхыраара рыҭара ҳалагоит жәабран 28 инаркны

Ҳтәылауаа хықәкылатәи асоциалтә цхыраара рыҭара нааҳагӡоит, — аиҳабыра реилатәараҿы ари аҳәамҭа ҟаиҵеит  Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа.

Аҧыза – министр ишиҳәаз ала, аепидемиа аҩбатәи ацәқәырҧа амшала  аусурҭа зцәыӡыз ауаа рҟынтә арзаҳалқәа рыдкылара иалагахьеит.

«Азҳалақәа ҳадаҳкылоит жәабран 20нӡа, афинанстә цхыраара рыҭара ҳалагоит жәабран  28 инаркны. Зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра фымз рыҩнуҵҟала  1200 лари ацхыраара роуеит. Ҳтәылауаа зегьы срыҳәоит излауа ала ирласны арзаҳал аларҵарц. Иахьазы ҳпортал аҿы  45 000 арзаҳалқәа иҟоуп», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.