Гьаргь Гахариа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс Вахтанг Гомелаури , Атәылахьчаратә министрс Иракли Ҕарибашвили ркандидатурақәа ықәиргылеит
Гьаргь Гахариа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс Вахтанг Гомелаури , Атәылахьчаратә министрс Иракли Ҕарибашвили ркандидатурақәа ықәиргылеит

 

 

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс Вахтанг Гомелаури, Атәылахьчаратә министрс Иракли Ҕарибашвили ркандидатурақәа ықәиргылоуп. Ари атәы Аҧыза-министрра акандидат Гьаргь Гахариа иҳәит.

Иара убас уи иҳәамҭала Ашәарҭадара маӡаныҟәгаҩс  Леван Изориа ихьыӡ иҳәит.

Вахтанг Гомелаури Аҳәынҭқарратә Ашәарҭадаратә маҵзура, деиҳабуп,  Иракли Ҕарибашвили ‘Ақырҭуа агәыхәтәы ‘ аполитикатә амаӡаныҟәгаҩ иҭыҧ ааникылоит.

‘Ақырҭуа агәыхәтәы’ ацентралтә аофис аҟны  апартиаа аполитикатә ахеидкылеи, аиҳарак реилатәареи аамышьҭахь , ‘Ақырҭуа агәыхәтәы’ ахантәаҩы Биӡина Иванишвили  Гьаргь Гахариа Аҧыза-министр иҭыҧаз кандидатс дааирҧшит.