Гьаргь Гахариа  -  Атәылауаа  аҳәынҭқарра ахарџьла атест ҟарҵар рылшоит
Гьаргь Гахариа  -  Атәылауаа  аҳәынҭқарра ахарџьла атест ҟарҵар рылшоит

 

«Атәылауаа аҳәынҭқарра ахарџьла атест ҟарҵар рылшоит, есымша  20 нызқь атестқәа ҟаҳҵоит», —  иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа аиҳабыра реилатәараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, ҩымз рыҩнуҵҟа имҩаҧырго аинтенсивтә тестирра ала ҩымзтәи аҧкрақәа иаҳа алҵшәа рхылҵроуп, избанзар излауа ала ирласны ачымазаҩцәа аарҧшны, аҧхьакны, ирыхәшәтәуеит.

«Аинтенсивтә тестирра аконкреттә хықәкы амоуп  — ҩымзтәи аҧкрақәа излауа ала алҵшәа бзиа рхылҵроуп, ҳара ирласӡаны ачымазаҩцәа аарҧшны, иҧхьакны, рхәышәтәра ҳалшароуп, ҩымз рышьҭахь атәыла абжьааҧнытә ҧсҭазаарала анхара нанагӡарцаз», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.