Гьаргь Гахариа анапхгараҭаратә партиа иазкны - Урҭ рымч-рылшара цеит
Гьаргь Гахариа анапхгараҭаратә партиа иазкны - Урҭ рымч-рылшара цеит

“Ақырҭуа гәахәтәы” апартиаҿ ауаҩытәыҩсатә ресурсқәа, рымчқәа каԥсаӡеит, – иҳәеит апартиа “Қырҭтәылазы” ахантәаҩы Гьаргь Гахариа “Тв пирвели” аефир аҿы.

Гьаргь Гахариа Биӡина Иванишвили иара изкны иҟаиҵаз аҳәамҭа дазааҭгылеит.

“Ари сазыԥшын, аха абас ирласны ишаҟарҵоз сгәы иаанагомызт. Аобиективтә реалра иазыԥхьагәаҭны, анапхгараҭаратә партиа  аинтеллектуалтәи аморалтәи ресурсқәа нҵәеит. Апартиа анапхагаҩцәа роуп зыӡбахә сҳәо. Уагьы ауаа нагақәа рацәоуп. Урҭ атәыла аԥеиԥш азықәԥоит, аха иахьазы атәылаҿ амш зеиԥшрахо зыӡбо ауаа  рымч-рылшара цеит. Абри зегьы иахҟьан Биӡина Иванишвили иҳәамҭа, уи аҳәамҭа шыҟаиҵоз издыруан, аха сара сзы иара итон адкылашьа амам,” – иҳәеит Гьаргь Гахариа.