Гьаргь Гахариа агәабзиарахьчара аусхкы аекспертцәа дырҧыланы, авакцинациазы аҽазыҟаҵаратә усурақәа дрылацәажәеит
Гьаргь Гахариа агәабзиарахьчара аусхкы аекспертцәа дырҧыланы, авакцинациазы аҽазыҟаҵаратә усурақәа дрылацәажәеит

Авакцинациазы аҽазыҟаҵареи авакцинақәа рыла атәыла аиқәыршәареи иалацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариеи агәабазиарахьчара аусхкы аекспертцәеи реиҧылараҿы. Дара аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы еиҧылеит.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, амч змоу арегулиациақәа инрываргыланы, авакцинациа апроцессгьы акоронавирус аҿагылараҿы аҵакы ду амоуп, убри аҟынтә, атәыла, активла ари апроцесс азы аҽазыҟаҵара иаҿуп.  Авакцинациа амилаҭтә план еиқәыршәоуп, уи инақәыршәаны, ашықәс анҵәамҭанӡа авакцинациа иахысроуп атәыла ауааҧсыра рҟынтә 60%.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иашьашәалоу аусбарҭақәа рахь даҽазнык ааҧхьара ҟаиҵеит атәылаҿы авакцина анроулак, зыҧшра ҟамҵакәа авакцинациа алагара рылшарц азыҳәан иаҭаху аҭагылазаашьақәа зегьы реиқәырәшаразы  активла аусура нарыгӡарц.