Гьаргь Гахариа  - Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳара лабҿаба иаабеит аҳәынҭқарра  Аконституциа ахьчареи  амчылара аҟынтә атәылауаа рыхьчареи шалымшаз
Гьаргь Гахариа  - Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳара лабҿаба иаабеит аҳәынҭқарра  Аконституциа ахьчареи  амчылара аҟынтә атәылауаа рыхьчареи шалымшаз

«Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳара лабҿаба иабеит аҳәынҭқарра  Аконституциа ахьчареи  амчылара аҟынтә атәылауаа рыхьчареи шалымшаз», — иҳәеит апартиа  «Қырҭтәыла адгыларазы» алидер Гьаргь Гахариа.

Иара иажәақәа рыла, аҳәынҭқарра атәылауаҩ цыҧхьаӡа ишәарҭадара ахьчаразы аҭак аҧхықәзароуп.

«Аполитикатә хҭыс ҟалеит ҳәа ишәыҧхьаӡа. Еилаҳаз аҳәынҭқарра ахәаҧшра уадаҩуп.   Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳара лабҿаба иаабеит аҳәынҭқарра  Аконституциа ахьчара шалымшаз, атәылауаа ршәарҭадара ахьчареи ажурналистцәа рыхьчареи шалымшаз, атуристцәа рзымхьчеит  —  уи ухахьы иузаагом. Ахымхәара  аабеит. Аҳәынҭқарра иҟанаҵаз акоуп  — ажәлар агәҽанҵара рыҭаны,  иара ахаҭа ганла игылеит, ишәҭаху ҟашәҵа ҳәа. Уи аҭакҧхықәрадароуп. Амчылара иахылҵуа амчылароуп. Аҳәынҭқарра ҧырхага ду аиуит. Фактла иуҳәозар, аҳәынҭқарра еилаҳаит», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.