Гьаргь Гахариа -  2021 шықәсатәи абиуџьет абаланс азуп, уи  апандемиа аҿагылареи, асоциалтә цхыраареи,  акризис анеҩстәи аиҭашьақәыргыларазы аекономика армазеиреи иазкуп
 Гьаргь Гахариа -  2021 шықәсатәи абиуџьет абаланс азуп, уи  апандемиа аҿагылареи, асоциалтә цхыраареи,  акризис анеҩстәи аиҭашьақәыргыларазы аекономика армазеиреи иазкуп

 

Аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа  2021 шықәсатәи абиуџьет апроект далацәажәеит.

Иара ишиҳәаз ала, абиуџьет абалан азуп, уи  апандемиа аҿагылареи, асоциалтә цхыраареи,  акризис анеҩстәи аиҭашьақәыргыларазы аекономика армазеиреи иазкуп.

«Ишыжәдыруа ала, ҳара апарламент иадаагалеит  2021 шықәсатәи абиуџьет, абри адокумент аҵакы ҷыда амоуп.  Абри адокумент инақәыршәаны  2021 шықәсазы анхара ҳақәшәоит, шықәсык ашьҭахь атәылаҿы аҭагылазаашьа ҳәаақәызҵо афинанстә документуп. Абиуџьет абаланс азуп, уи  апандемиа аҿагылареи, ауааҧсыреи абизнеси асоциалтә цхыраара рыҭареи,  акризис анеҩстәи аиҭашьақәыргыларазы аекономика армазеиреи иазкуп.  Абиуџьет аиқәыршәара апроцесс иалахәын Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд. Адокумент аҿы иарбоуп акризис аан апандемиеи аекономикатә кризиси аҿагыларазы иаҭаху акомпонентқәа зегьы», —  иҳәеит Гьаргь Гахариа.