Франциаҟа идәықәлар зҭаху ауааҧсыра Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа рҿы афранцызтә аган игәарҭоит
Франциаҟа идәықәлар зҭаху ауааҧсыра Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа рҿы афранцызтә аган игәарҭоит

Қырҭтәыла иаауеит Франциа аемиграциатә маҵзура ахаҭарнакцәа, иара убас,  Қырҭтәыла аемиграциатә маҵзура ахаҭарнакцәа  ишиашоу аҧыррақәа ахьынагӡо Франциа аҳаирбаҕәазақәа рҿы аусура иалагоит,  – Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гьаргь Гахариа ари атәы ааицҳаит Франциа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминситр даниҧыла ашьҭахь.

Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала,  авизада анеиааира аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла иамаз зегьы реиҳа идуу ақәҿиарақәа иреиуп.

Иара иажәақәа рыла,  авизадатә режим аҧыхра азҵаара иқәгылам, аха ари аусхкы аҿы аконкреттә уснагӡатәқәа мҩаҧгатәуп.

„Франциатәи амиграциатә маҵзура ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла аусура иалагоит,  иара убас,  Қырҭтәыла амиграциатә маҵзура ахаҭарнакцәа  Франциа аусура иалагоит.  Ари ашьаҿа аҵакы ду  амоуп, избанзар ахыҵакырҭа ашьҭалара аганахьала иҟалар зылшо ашәарҭақәа заанаҵы рҧыхра ҳалшоит. Уи адагьы, аҩганк, ҳаицхырааны, атеррористтә шәарҭақәагьы ҳарҿагылар ҳалшоит. Хазы тәылак ари аусура амҩаҧгара ацәыуадаҩхоит“, – иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Иара иажәақәа рыла,  иахьа ирыдыркылаз аиқәшаҳаҭра еиҿкаау ацәгьаура аҿагыларазы аҵакы ду амоуп.