Франциа ахада иофициалтә саит аҿы икьыҧхьуп Атриумфтә хыргьагьа аҧхьа Еммануел Макрони Саломе Зурабишвилии реиҧылара иазку акоммиунике
Франциа ахада иофициалтә саит аҿы икьыҧхьуп Атриумфтә хыргьагьа аҧхьа Еммануел Макрони Саломе Зурабишвилии реиҧылара иазку акоммиунике

Цәыббра 28 рзы  Франциа ахада иофициалтә саит аҿы икьыҧхьын  Атриумфтә хыргьагьа аҧхьа Еммануел Макрони Саломе Зурабишвилии реиҧылара иазку акоммиунике.

Қырҭтәыла ахада лусмҩаҧгарҭа ала аларҵәара зауз аинформациа ишану ала,  акоммиунике аҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп Франциа еснагь Қырҭтәыла ишадгылаз,  ҳаҧхьаҟа ҳтәыла иацхраауеит аҭышәынтәалареи адемократиеи рырҕәҕәара аус аҿы.

Иара убас,  Франциа Қырҭтәылахь ааҧхьара ҟанаҵоит иааигәахо амуниципалтә алхрақәа адемократиатә принципқәеи анормақәеи Евроеидгыла астандартқәеи ирышьашәаланы имҩаҧыргарц.

«Сынтәа цәыббра 28 рзы Франциа ахадеи Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии,  1921 шықәсазы Франциа ала Қырҭтәыла ахьыҧшымра азхаҵара инаркны 100 шықәса аҵра инамаданы,  ацеремониа мҩаҧыргеит.  Абри ацеремониа ҷыда даҽазнык аанарҧшуеит  ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рҵаки, насгьы, иҳаҩсыз ашәышықәсазы Қырҭтәыла ахақәиҭреи ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ахьчараҿы Франциа инанагӡаз ароль дуи.

Франциа еснагь Қырҭтәыла иадгылан, ҳаҧхьаҟагьы аҭышәынтәалареи адемократиа рырҕәҕәара аус аҿы Қырҭтәыла иацхраауеит. Франциа Қырҭтәылахь ааҧхьара ҟанаҵоит иааигәахо амуниципалтә алхрақәа адемократиатә принципқәеи анормақәеи Евроеидгыла астандартқәеи ирышьашәаланы имҩаҧыргарц.  Ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа иаҳа рырҕәҕәара амзызла, Франциатәи ареспублика ахада Қырҭтәыла ахада лҟны еиҧҟьарада аимадара имазаауеит», — иануп акоммиунике аҿы.