Франциа ахада Биӡина Иванишвили Аҳаҭыртә легион акавалер ахьӡ ианеишьеит
Франциа ахада Биӡина Иванишвили Аҳаҭыртә легион акавалер ахьӡ ианеишьеит

 

Франциа ахада Еммануель Макрон Биӡина Иванишвили Аҳаҭыртә легион акавалер ахьӡ ианеишьеит. Ари атәы иануп Франциа аиҳабыра рофициалтә саит аҿы.

Франциа ахада идҵа ишану ала, Биӡина Иванишвили жәларбжьаратәи агәыҳалалратә фонд ашьаҭаркҩи Қырҭтәыла ҧасатәи Аҧыза-министри иоуп. Иара убас, уаҟа ишазгәаҭоу ала, сынтәа ари аҳамҭа роуит акоронавирус аҿагылараҿы алагала ду ҟазҵаз ауааҧсыра.

Аҳаҭыртә легион аорден  (Ordre national de la Légion d’honneur) Франциа иреиҳаӡоу ҳамҭоуп, Франциа ахада ари аҳамҭа ранеишьоит идуӡӡоу арратәи атәылауаҩратәи аихьӡарақәа рзы.