Франциа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр  - Қырҭтәыла авизадатә режим азаанкылара саламцәажәеит, избанзар аусеицура наҳагӡоит
Франциа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр - Қырҭтәыла авизадатә режим азаанкылара саламцәажәеит, избанзар аусеицура наҳагӡоит

Қырҭтәыла авизадатә режим азаанкылара саламцәажәеит, избанзар аусеицура наҳагӡоит, аха абри аҩыза алшара иҟоуп, –  иҳәеит Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр Кристофер Кастанер  Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи  аусқәа рминистр Гьаргь Гахариеи иареи реиҧылара ашьҭахь аганқәа еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы.

Кристофер Кастанер иҳәамҭала, авизадатә режим азҵааразы ақырҭуа аган рҟны аусеицура нарыгӡоит.

„Қырҭтәыла авизадатә режим азаанкылара саламцәажәеит, избанзар аусеицура наҳагӡоит, аха абри аҩыза алшара иҟоуп.  Ахыҵакырҭа иашьҭоу ауаа рацәахеит. Иара убас, агәабзиарахьчара аусхкы азы аҭхра дууп. Ақырҭуа аган сраҭабууп ари азҵааразы аус ахьҳацыруа азыҳәан, авизатә режим аанкылара азҵаара макьана иқәгылам“, –  иҳәеит Франциа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр.

Иара ишиҳәаз ала, ари азҵаара иалацәажәоит Қырҭтәыла апарламент аҿгьы.