Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр иҳәамҭала, Урыстәыла Украина иажәылар, уи алҵшәа цәгьақәа ахылҵуеит
Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр иҳәамҭала, Урыстәыла Украина иажәылар, уи алҵшәа цәгьақәа ахылҵуеит

Франциа Урыстәыла агәҽанҵара анаҭеит Украина ажәылара алҵшәа цәгьақәа шахылҵуа азы. Ари атәы ааицҳаит Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Жан-Ив Ле Дриан.

Иара иажәақәа рыла, Франциа даараӡа иаргәамҵуеит Украина аҳәааҿы урыстәылатәи арбџьармчқәа реизырҳара афакт.

«Украинатәи аҳәаа аилагареи Украина ажәылареи алҵшәа цәгьақәа ахылҵуеит. Путин имчра ихьчар иҭахуп,  иара иаку Европа ҕәҕәа агәыла аҳасабала ибар иҭахым», —  иҳәеит Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр.

Аамҭакала,  афранцыз дипломат ишазгәеиҭаз ала,  Урыстәыла Европа ақәылар  ҟалоит,  убри аҟынтә,   абри атәылаҟны аиҿцәажәара аҭахуп.