«Fly Dubai» Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазашҟа ачартертә реисқәа рымҩаҧгара еиҭалагеит
«Fly Dubai» Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазашҟа ачартертә реисқәа рымҩаҧгара еиҭалагеит

«Fly Dubai» Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазашҟа ачартертә реисқәа рымҩаҧгара еиҭалагеит, — ари атәы аалыцҳаит аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи азы аминистр Наҭиа Турнава.

«Иаҳа-иаҳа ирацәаны авиаеилахәырақәа Қырҭтәылаҟа ихынҳәуеит. Апандемиа аанӡа иҧыруаз авиаеилахәырақәа аҿыц еилахәырақәагьы рыцлеит. «Fly Dubai»-гьы Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазашҟа еиҧҟьарадатәи ареисқәа рынагӡара еиҭалагеит, ари афактор даараӡа ибзиоуп», — илҳәеит Турнава.

Рашәара 25 инаркны  «Fly Dubai», мчыбжьыкахь хынтә, Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазашҟа ареисқәа мҩаҧнагоит. Уажәазы Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы аус руеит жәа-ҳәынҭқаррак  рҟынтә  19 авиаеилахәырақәа.

Аинформациа аланарҵәеит аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи аминистрра.