Флорида арҵаҩцәа аклассқәа рҿы абџьар аныҟәгара азин рымазаауеит
Флорида арҵаҩцәа аклассқәа рҿы абџьар аныҟәгара азин рымазаауеит

Флорида арҵаҩцәа аклассқәа рҿы абџьар аныҟәгара азин рымазаауеит.

Флорида ахаҭарнакратә палата иашьашәалоу азакәан шьақәнарҕәҕәеит. Азакәан инақәыршәаны, уажәынахыс, арҵаҩцәа зегьы бџьарла еибыҭаны ашкол ахь аныҟәара азин рымазаауеит. Аха убри азыҳәан, 144 сааҭтәи аҽазыҟаҵаратә курс иахысроуп.

Флорида арҵаҩцәа абџьар ахархәара азин рырҭеит   2018 шықәса жәабран азы ҧасатәи аҵаҩы Парклендтәи ашкол данақәла ашьҭахь. Усҟан ари ажәалара иалаӡит  17ҩык ауааҧсыра. Убри ашьҭахь, Америка ахада Дональд Трамп арҵаҩцәа абџьара аныҟәгара азин рыҭара иазку аинициативала дықәгылеит.