Филип Рикер -  Баидена-Харрис радминистрациазы Қырҭтәыла, Аахыҵ Кавказ аҿы астратегиатә партниор хадас иаанхоит
Филип Рикер -  Баидена-Харрис радминистрациазы Қырҭтәыла, Аахыҵ Кавказ аҿы астратегиатә партниор хадас иаанхоит

«Баидена-Харрис радминистрациазы Қырҭтәыла, Аахыҵ Кавказ аҿгьы Амшын еиқәа арегион аҿгьы астратегиатә партниор хадас иаанхоит», — иҳәеит Европеи Евразиеи азҵаарақәа рзы Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ инапынҵақәа назыгӡо Филип Рикер Қырҭтәыла  Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили даниҧыла ашьҭахь.

Иара ишиҳәаз ала, Америка Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит,  Урыстәыла ала Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара иақәыӡбоит.

«Свизит ҵакык ауп иамоу  —  иҿиаау,  зыгәра угаша адемократиа ахьыҟоу атәыла аҳасабала Қырҭтәыла ақәҿиара аиқәыршәара.  Абри аконтекст аҿы аҵакы ду амоуп мшаҧы  19 рзы аполитикатә лидерцәа ирыдыркылаз аиқәшаҳаҭра анагӡара,  избанзар,  уи ала иазҧхьагәаҭоуп алхратәи аӡбаратәи реформақәа рымҩаҧгара», — иҳәеит  Филип Рикер.

Иара ишиҳәаз ала,  Қырҭтәыла Аҧыза-министри,  атәылахьчара аминистри, адәныҟатәи аусқәа рминистри данырҧылоз, ҷыдала иазгәеиҭеит атәылаҿы адемократиатә институтқәа рырҕәҕәара аҵакы.