Филип Рикер -  Америка ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла иадгылоит,  иҿиаау, ақәҿиара змоу адемократиаҿы анхара зҭаху ақырҭуа жәлар ирыдгылоит, ҳара ҳшәыдгылоит 
Филип Рикер -  Америка ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла иадгылоит,  иҿиаау, ақәҿиара змоу адемократиаҿы анхара зҭаху ақырҭуа жәлар ирыдгылоит, ҳара ҳшәыдгылоит 

«Америка ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла иадгылоит,  иҿиаау, ақәҿиара змоу адемократиаҿы анхара зҭаху ақырҭуа жәлар ирыдгылоит, ҳара ҳшәыдгылоит», —  иҳәеит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Филип Рикер.

«Америка Қырҭтәыла иадгылоит евроатлантикатә институтқәа рахь аинтеграциа апроцесс аҿы. 2008 шықәсазы Бухарест имҩаҧгаз НАТО асаммит аҿы ҳара аргама ааҳацҳаит Қырҭтәыла Алианс ишалало. Иара убас,  COVID-19 аҿагыларазы ҳусеицурагьы аҵакы ду амоуп.  Қырҭтәыла, 25 миллион авакцина адозақәа рҟынтә хәҭак зауа аҳәынҭқаррақәа рыгәҭа аҧыжәара анашьоуп», — иҳәеит Рикер.