"Европатәи Қырҭтәыла"  Иванишвили иҟаиҵаз аҳәамҭа иахәаҧшуеит аҭакҧхықәрадареи аҧсыҽреи раарҧшра ҳасабала
"Европатәи Қырҭтәыла"  Иванишвили иҟаиҵаз аҳәамҭа иахәаҧшуеит аҭакҧхықәрадареи аҧсыҽреи раарҧшра ҳасабала

«Европатәи Қырҭтәыла» алидерцәа иреиу Гиги Угулава Биӡина Иванишвили аполитикантә ацара иазкны иҟаиҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит. Угулава ишиҳәаз ала, Иванишвили ихы  аҭакҧхықәра иқәихын, атәыла исериозу аекономикатә кризис аҿы аанижьит.

Угулава иҳәамҭала, аполитикантә ацара ала, Иванишвили, жьҭаара 31 рзы  «Ақырҭуа гәахәтәы» зыбжьқәа азҭаз алхыҩцәа инаҧхеит.

«Жьҭаара 31 рзы  абри апартиа зыбжьқәа азҭаз алхыҩцәа ирасҳәар сҭахуп, шәара Кобахиӡеи Елисо Болкваӡеи ракәымкәа, Биӡина Иванишвили иоуп шәыбжьқәа зышәҭаз.  Убри амшала, алегитимациа аганахьала апроблемақәа змаз апарламент иаҳа идуу апроблемақәа азцәырҵит.  Убри аҟынтә, изаамҭаным апарламенттә алхрақәа реиҭамҩаҧгара иаҳа ҳазааигәахеит. Иванишвили шәиҧсахит, ахаан акгьы ҟазымҵац ауааҧсыра рҟны шәаанижьит.  Иванишвили шәижьеит, дцеит, дыбналеит. Убри аҟынтә, шәааи, ҳаидтәаланы, аҿыц алхрақәа рымҩаҧгара ҳалацәажәап, аполитикатәи аекономикатә кризис алҵразы уаҳа мҩак иҟам», — ихәеит Гиги Угулава.