"Европатәи Қырҭтәыла" ахаҭарнакцәа ргәаанагарала, Мишель идокумент аҿы иарбоу  апунктқәа иҟамзар, егьырҭ азҵаарақәа рылацәажәара иахәҭам
"Европатәи Қырҭтәыла" ахаҭарнакцәа ргәаанагарала, Мишель идокумент аҿы иарбоу  апунктқәа иҟамзар, егьырҭ азҵаарақәа рылацәажәара иахәҭам

“Европатәи Қырҭтәыла” ахаҭарнакцәа ргәаанагарала, Мишель идокумент аҿы иарбоу  апунктқәа иҟамзар, егьырҭ азҵаарақәа рылацәажәара иахәҭам

 

«Аоппозициаа изныкымкәа ирҳәахьеит аиқәшаҳаҭра шыҟало Шарль Мишель 6 пунктк рыла еиқәиршәаз адокумент ашьаҭа ала, убри аҟынтә, абарҭ апунктқәа иҟамзар, егьырҭ азҵаарақәа рылацажәара иахәҭам ҳәа ҳгәы иаанагоит», — иҳәеит  «Европатәи Қырҭтәыла» алахәыла Лаша Дамениа.

Иара иажәақәа рыла, аоппозициаа егьырҭ азҵаарақәа рзы атәыла анапхгара ирацажәараны иҟам.

«Аоппозициаа рыҳәара хада  —  аполитбаандаҩцәа рхақәиҭтәреи изаамҭаным апарламенттә алхрақәа рымҩаҧгареи ауп. Абри аҳәара нарыгӡаанӡа, аоппозициаа егьырҭ азҵаарақәа рзы атәыла анапхгара ирацәажәараны иҟам», — иҳәеит Лаша Дамениа.