Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель иахьа Қырҭтәыла даҭаауеит
Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель иахьа Қырҭтәыла даҭаауеит

Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель иахьа Қырҭтәыла даҭаауеит. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Мишель Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии, аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии, апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡеи дырҧылоит.

Иара убас, Шарль Мишель аполитикатә партиақәа рхаҭарнакцәагьы дырҧылоит.

Уи адагьы, Европатәи Ахеилак ахада, ампыҵәахалатә цәаҳәа ашҟа днеины, аҭыҧаҿы аҭагылазаашьа гәеиҭоит.

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани ишиҳәаз ала,  Шарль Мишель ивизит ала, Европатәи Ахеилак даҽазнык аанарҧшит Қырҭтәыла дара рзы  арегион аҿы крызҵазкәа астратегиатә партниор шакәу.

Европатәи Ахеилак ахада уаҵәы аофициалтә аиҧыларақәа рымҩаҧгара далагоит, хәажәкыра 2 рзы ивизит хиркәшоит. Шарль Мишель Молдовагьы Украинагьы дырҭаауеит.