Европатәи ахеилак ахада ампыҵахаларатә цәаҳәа иаԥну Хурвалеҭи ақыҭа даҭааит
Европатәи ахеилак ахада ампыҵахаларатә цәаҳәа иаԥну Хурвалеҭи ақыҭа даҭааит

Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель ампыҵахаларатә цәаҳәа иаԥну Хурвалеҭи ақыҭа даҭааит. Уи аҭыԥ аҿы иҟоу аҭагылазаашьа гәеиҭоит.

Ампыҵахаларатә цәаҳәа иаԥну Хурвалеҭи ақыҭаҿ Шарль Мишель Евроеидгыла анаԥшратә миссиа хаҭарнакцәа ицуп.

Иахьа Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель Орбелианиаа рхан аҿы Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили дылԥылеит. Ишиашоу еиԥылара ашьҭахь Қырҭтәыла ахадеи Европатәи ахеилак ахадни аих рзы аҳәамҭақәа еицыҟарҵеит. Иара убас Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Қырҭтәыла визитла иҟоу Европатәи ахеилак ахада  Шарль Мишель иҟны ишиашоу аиԥылара мҩаԥигеит.

Апланқәа ирылоуп апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡеи аполитикатә партиақәа рхаҭарнакҵәеи рҟны аиԥыларақәа.

Европатәи ахеилак ахада ақыҭа Хурвалеҭи иҟоу ампықахаларатә цәаҳәашҟа днеиуеит, иара убас ихы алаирхәоит Евроеидгыла ахаҭарнакра аофис ҿыц аартра ацеремониа.

Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель ивизит хәажәкыра 2 рзы ихыркәшоит.