Европатәи акомиссиа аинициатива ҿыц  -  COVID-19 зхызгахьоу, мамзаргьы Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ала иазхаҵоу авакцина алаҵа ҟазҵахьоу ауаҩҧсы Шенгентәи азонашҟа идәықәлар илшоит
Европатәи акомиссиа аинициатива ҿыц  -  COVID-19 зхызгахьоу, мамзаргьы Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ала иазхаҵоу авакцина алаҵа ҟазҵахьоу ауаҩҧсы Шенгентәи азонашҟа идәықәлар илшоит

COVID-19 зхызгахьоу, мамзаргьы Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ала иазхаҵоу авакцина алаҵа ҟазҵахьоу ауаҩҧсы Шенгентәи азонашҟа ддәықәлар илшоит  — иахьа Европатәи акомиссиа иашьашәалоу апроект цәырнагеит.

Аинициатива аҳәаақәа ирҭагӡаны,  ахҧатәи атәылақәа рәтылауаа Евроеидгылеи Шенгентәи азонеи ирыҵанакәа атәылақәа рахь иәдықәлар рылшоит дара Аәгабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаарала иазхаҵоу авакцианқәа руакы алаҵа ҟарҵахьазар ма  COVID-19 ачымазара рхыргахьазар. Иара убас, дара аҳәаанырҵҟа идәықәлаанӡа аҵыхәәтантәи  72 сааҭ рыҧнуҵҟала ПЦР атест ҟарҵароуп. Европатәи акомиссиа абри аҧҟара амч аиуеит ажьырныҳәа 10 инаркны.

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ала иазхаҵоуп абарҭ авакцинақәа  — «Moderna», «Pfizer», «Astrazeneca», «Sinopharm», «Sinovac»,  «Covidshild» ,   «Covaxin».