Европарламент ақырҭуа аполиткиатә мчқәа рахь ааҧхьара ҟарҵеит акомпромисс рыҧшаарц
Европарламент ақырҭуа аполиткиатә мчқәа рахь ааҧхьара ҟарҵеит акомпромисс рыҧшаарц

Даниелсони Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишели рмиссиа алҵшәа ахылҵырц азыҳәан, сара Қырҭтәыла Аҧыза–министр ибжьазгеит аоппозициаа рҟны акомпромисс иҧшаарц, — илҳәеит Европарламент адепутат Марина Калиуранд Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили даниҧыла ашьҭахь.

«Евроеидгылазы уи аҵакы ду амоуп, аха, зегьы реиҳа ихадоу, Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари рзы зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп.  Ақырҭуа жәлар лабҿаба рпозициа аадырҧшит, дара Евроеидгыла алалара иазыразуп, Европаҟны аимадара дырҕәҕәар рҭахуп.  Убри аҟынтә, апартиақәа зегьы, рхатә интересқәа ракәымкәа, ажәлар ринтересқәа аҧыжәара рырҭароуп. Иахьазы алшара ду рымоуп, избанзар  Европатәи Ахеилак ахада ихаҭа ари апроцесс далахәып. Иара имедиациа алшара ду шәнаҭоит.  Убри аҟынтә, иҟалозар, абри алшара шәхы иашәырхәа.   Аӡәи-аӡәи шәеизыӡырҩла, шәыжәлар ирыхәаша ашьаҿақәа ҟашәҵа», — илҳәеит Калиуранд.