Европарламент алахәыла Қырҭтәыла аопозициаа рахь ааԥхьара ҟалҵеит адокумент рнапы аҵарҩырц
Европарламент алахәыла Қырҭтәыла аопозициаа рахь ааԥхьара ҟалҵеит адокумент рнапы аҵарҩырц

Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы»  Кристиан Даниельсон икомпромисстә документ анапаҵаҩра иазкыз Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡе иҟаиҵаз аҳәамҭа даараӡа саргәырӷьеит, – «Твиттер» аҿы ари атәы аалыцҳаит европарламент алахәыла Марина Калиуранд.

Евродепутат анапхгаратә партиа аднакылаз аӡбара ашьҭахь абоикот арежим аҿы иҟоу аоппозициатә партиақәа рахь ааԥхьара ҟалҵоит адокумент урҭгьы рнапы аҵарҩырц.

Иацы имҩаԥгаз абриыинг аҿы апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡе ишааицҳаз ала,  «Ақырҭуа гәахәтәы», аргама рнапы аҵарҩуеит Евроеидгылеи Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишели рыбжьацәажәара ала еиқәыршәаз адокумент.

Кристиан Даниельсон ақырҭуа политкиатә партиақәа рхаҭарнакцәа абри адокумент риҭеит хәажәкыра 31 рзы. Адокумент аҿы иарбоу аҭагылазаашьақәа Қырҭтәыла аполитикатә кризис аҧыхра иазкуп.