Европарламент алахәыла аполитикатә партиақәа рахь ааԥхьара ҟалҵоит апарламент иалаланы, рҭыԥқәа ааныркыларц
Европарламент алахәыла аполитикатә партиақәа рахь ааԥхьара ҟалҵоит апарламент иалаланы, рҭыԥқәа ааныркыларц

Аоппозициаа рмотив сзеилкаауам, аполитикатә партиақәа рахь ааԥхьара ҟасҵоит апарламент иалаланы, рҭыԥқәа ааныркыларц, – илҳәеит Европапралемнт алахәыла Виола фон Крамон «Русҭави 2» аинтервиу аҿы. Европарламент алахәыла лажәақәа рыла, атәыла аԥеиԥш азы амандатқәа раиура аҵак ду амоуп.

Виола фон Крамон алхрақәа раан иаарԥшу аиашамрақәа дрыхцәажәеит, европарламент алахәыла лажәақәа рыла, арҭ аиашамрақәа алхрақәа рылҵшәақәа рнырра рылшом. Европатәи аполитик иҳәынҭқарратәым еиҿкарақәа рҳасабырбақәа рҿы иану адыррақәа дрыхцәажәеит.

Виола фон Крамон ишылҳәаз, наҟ-наҟ Қырҭтәыла зхы иақәиҭу ииашоу алхрақәа шымҩаԥысуа дақәгәыӷуеит