Европарламент адепутат Манфред Вебер – Путин иара иоуранагӡара ахә идыруазароуп
Европарламент адепутат Манфред Вебер – Путин иара иоуранагӡара ахә идыруазароуп

«Путин иара иоуранагӡара ахә идыруазароуп », — иҳәеит Европарламент аҿы иҟоу афракциа  «Аконсервативтә европатәи жәлар рпартиа» алидер  Манфред Вебер. Иара иҳәамҭала, Украина аҳәааҿы аҭагылазаашьа еицәахар, Урыстәыла иаҿагыланы асанкциақәа шьақәыргылатәуп. Вебер абри аинициативала Европарламент аҿы дықәгылеит.

Иара игәаанагарала, Америкеи Евроеидгылеи  Кремль иадырбароуп Украина аҳәааҿы аҭагылазаашьа цәгьахар, Урыстәыла иахәҭоу аҭак шаиуа.

«Ишәаны-изаны асанкциақәа рышьақәыргылара аамҭа цент. Путин иара иоуранагӡара ахә идыруазароуп», — иҳәеит Вебер.