"Европа жәлар рпартиа" – Саакашвили ибаандаҩтәреи аполитикатә ашьҭазаарақәеи рымшала атәылаҿы аполиаризациа азҳауеит, Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит атәылаҿы аполитикатә ҭагылазаашьа еиҕьартәырц
"Европа жәлар рпартиа" – Саакашвили ибаандаҩтәреи аполитикатә ашьҭазаарақәеи рымшала атәылаҿы аполиаризациа азҳауеит, Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит атәылаҿы аполитикатә ҭагылазаашьа еиҕьартәырц

«Уажәааны Қырҭтәыла имҩаҧгаз алхрақәа рышьҭахь атәылаҿы адемократиеи ахақәиҭреи иадҳәаланы иҳамаз агәынамӡара иҵегьы иазҳаит», — иануп «Европа жәлар рпартиа» аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭа ишану ала,  Саакашвили ибаандаҩтәреи аполитикатә ашьҭазаарақәеи рымшала атәылаҿы аибарххареи аполиаризациеи  азҳауеит.

«Европа жәлар рпартиа» Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟанаҵоит атәылаҿы аполитикатә лагылазаара еиҕьтәны, аҩбатәи атур аан зхы иақәиҭу ииашоу алхрақәа еиқәдыршәарц.

«Жәларбжьаратәи анаҧшцәа рҳасабырбақәа рҿы иазгәаҭоуп: адемократиатә стандартқәа рылаҟәреи, зхы иақәиҭу ииашоу алхратә лагылазаара аҟамзаареи, еиҟарамыз аҭагылазаашьақәеи,  административтә ресурсқәа цәгьашақә рхархәареи, егьырҭ аилагарақәеи.  Убри аамҭазы, Саакашвили ибаандаҩтәреи аполитикатә ашьҭазаарақәеи рымшала атәылаҿы аибарххареи аполиаризациеи  азҳауеит.

Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы анапхгаратә партиа ахаҭарнакцәа апровокациатә ҟазшьа змаз аҳәамҭақәа ҟарҵеит, уи алагьы иубарҭоуп атәылаҿы аиашаӡбара аполитикатә ашьаҭа шамоу, уи даараӡа ҳаргәамҵуеит.

«Европа жәлар рпартиа» Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟанаҵоит атәылаҿы аполитикатә лагылазаара еиҕьтәны, аҩбатәи атур аан зхы иақәиҭу ииашоу алхрақәа еиқәдыршәарц, аполитикатә оппонентцәа рышьҭацалара иаҟәыҵырц.  Ақалақь дуқәа рҧеиҧш ахьыӡбахо аҩбатәи атур ҳахшыҩ азышьҭны ҳацклаҧшуеит. Ақырҭуа жәлар иаҳа еиҕьу аҧеиҧш рыхәҭоуп», — иануп аҳәамҭаҿы.